АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Абҵара.2023

Асезон алагара инаркны Аԥсны иалганы експорт ҳасабла Урыстәылаҟа ииаган 4 671 тонна амандарина.

Аҟәа.  Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы ацитрусттә шәырқәа рекспорт аизҳара 1,5 нызықь тонна рҟынӡа инаӡеит. Иахьазы ииагаз аалыҵ 4 671 тонна рҟынӡа инаӡоит, ҳәа Ауаажәларратә Палата аҿы 2023 – 2024 шш. ацитрустә сезон иазкны иҟаз аиԥылара аҿы дықәгыло  адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа.  

«Иҳаҩсыз ашықәс азы ацитрустә шәырқәа рекспорт 3112 тонна рҟынӡа инаӡон, уи аԥхьа –,3 409 тонна.  Сынтәа аекспорт аизҳара 1,5нызықь тонна рҟынӡа инаӡеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы.

Уажәы ииаганы ирго заанаҵы иҟало амандарина асорт ауп, аиҳарак аура уажәоуп аизгара ианалаго, ҳәа иҳәеит иара.

«Сгәы иаанагоит, ақыҭанхаҩа Аминистрра ишьақәныргылаз аплан – 30 тонна  нагӡахап ҳәа. Ашәыр 95% рҟынӡа Аԥсны иалганы иргоит», - ҳәа иазгәеиҭеи Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы  ахантәаҩы.

Оҭар Хьециа иажәақәа рыла, есышықәса ацитрустә сезон аламҭалазы Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура аҟынтәи рколлегацәа ирԥылоит.

«Аха уи аԥхьа ҳара ҳарԥылоит ацитрустә шәырқәа рыиагара знапы алаку адәныҟаекономикатә усура алахәылацәа, урҭ рыпроблемақәа ртәы ҳазыӡырҩуеит, рҭаххрақәеи ргәазыҳәарақәеи еилкааны ауп анаҩс ихадоу аилацәажәарахь ҳанцәырҵуа», – ҳәа еиҭеиҳәеит Оҭар Хьециа.

Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилаки Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзуреи рхаҭарнакцәа реиԥылара алҵшәа бзиақәа аанарԥшит.  Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы абжьгарала аинспектортә еилазаара аҟынтәи  30-ҩык инарзынаԥшуа аспециалистцәа Адлертәи Ганрацәалатәи автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа (МАПП) ахь иаашьҭын, инацҵаны ашәҟәҭагаларатә пунктқәагьы аартын.

«Иаҭаххоны иҟалозар, ацитрустә шәырқәа ыиазго аидарамҩангагатә машьынақәа рзы инацҵаны ацәаҳәақәа аартуп. Аха иахьазы уи азы аҭаххра ыҟаӡам», – ҳәа иҳәеит Оҭар Хьециа.

Иара кьылак амандарина азы ахәԥса шышьақәгылоу атәы еиҭеиҳәеит

«Ахәԥса шьақәыргылахоит Аминистрцәа Реилазаара аҟны аҭыжьыҩ ихарџьқәа ҳасаб азуны. Аԥхьанатә ишьақәыргылан ахәԥса – 24 мааҭ, уи иацҵахоит аҳәынструктурақәа – афитосанитартә  маҵзура, Аҳәынҭстандарт, Акарантинтә Маҵзура рҟынтәи ихымԥадатәиу ақьаадқеи адырранҵақәеи рзы  2 мааҭки 73 копеики, иара убас 0,1 % рҟынӡа инаӡо аҳазылхатә еизга. Иара убас  иацҵахоит 9 – 10 мааҭ атранспорттә харџьқәа рзы: абылтәи-ахьшьтәи, аброкертә маҵзурақәа, уҳәа убас иҵегьы. Иааизакны ишьақәгылаз ахәԥса аицҵалыҵ 38 мааҭ рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит иара.   


Read 185 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.