АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Абҵара.2023

Муҳаммад Алии Алеқсандр Ефимови Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыцҳаражәҳәарҭақәа русеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Ефимови реиԥылара мҩаԥысит абҵарамза  22 рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедицентр.

Аиԥылараҿы Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыцҳаражәҳәарҭақәа русеицура аперспективақәа ирылацәажәеит, иара убас ирзааҭгылеит аҩганк рзы аинтерес зҵоу егьырҭ азҵаарақәа жәпакы.

Муҳаммад Али аҩ-тәылак ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорреи аиҩызареи рышьаҭала хра злоу аҿиара рымоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иара азҵаарақәа жәпакы рыла аусеицура дшазхиоу, насгьы аринахысгьы уи шацҵахо азы агәыӷра шимоу ааирԥшит.

Алеқсандр Ефимов, ахәҭакахьала, аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирыҵоу аҵакы аҷыдара азгәеиҭеит, иара убас аԥснытәи адипломатиатә миссиа Шьамтәыла аусура аҿы адгылара шаиҭало азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашәарҭадара азы абжьгаҩ Гаис Алхараке. 

 

 


Read 238 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 03:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.