АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Абҵара.2023

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 22, 2023 шықәсазы  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа –Аахыҵ Кавказ  азы Еропатәи атәылақәа Реидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаари Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнак   Џьихан Султаноглу, Жәларбжьаратәи Женеватәи Аилацәажәарақәа рҿы Европатәи атәылақәа Реидгыла Ашәарҭадаразы Ахеилак аҟынтәи ацхантәаҩы Виорел Мошану идикылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аминистрра Амедиацентр.

Аиԥылараҿы ишьҭыхыз атема хадақәа ируакхеит Женеватәи аилацәажәарақәа  изаамҭанытәиу 59-тәи араунд амҩаԥгара азҵаара.

Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәан Гал ақалақь аҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи аҭак рыҭареи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура ахацыркра, иара убас арегион аҿы ашәарҭадара ашьақәыргылареи Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа рымшхәаԥштә иарбоу  егьырҭ актуалра злоу  азҵаарақәа жәпакы.

Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 59-тәи араунд мҩаԥысраны иҟоуп 2023 шықәса ԥхынҷкәын 5-6 рзы.

 


Read 302 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 03:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.