АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Абҵара.2023

Зыкапан 32 грамм рҟынӡа инаӡо «каннабис» ҳәа изышьҭоу арҩышьыгатә ҵиаа хкы Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо ахаҵа идырбалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зыкапан 32 грамм иреиҳаз «каннабис» ҳәа изышьҭоу  арҩышьыгатә ҵиаа хкы идырбалеит иагьимырхит Гәдоуҭа араион, Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо, 1992 шықәсазы ииз Игорь Арӡынба, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшааратә  ҟәша аусзуҩцәа аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан анаркотикатә маҭәашьар зыҩны иҵәахны измаз Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа анхаҩы Игорь Арӡынба дааныркылеит.

Игәҩароу иҩны имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан ирбеит аҵиаа иалху амаҭәашьар. Анаҩс аекспертцәа, уи зыкапан 32 грамм рҟынӡа  инаӡо «каннабис» ҳәа изышьҭоу  арҩышьыгатә ҵиаа хкы ауп ҳәа ишьақәдыргылеит.

Иаанкылоу гәҩарас дрымоуп аҭира хықәкыс иҟамҵакәа анаркотик рацәаны аахәареи аҵәахреи рзы.

Иаанкылоу иганхьала ашьаус хацыркуп, иара гәҩарас дрымоуп аҭира хықәкыс иҟамҵакәа зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьар аахәареи аҵәахреи рзы. Гәдоуҭа араион аӡбарҭа азыӡба ала Игорь Арӡынба атәыла дшалымҵуа азы инапы ақьаад иаҵадырҩит, анаҩс иҩныҟа доурыжьҭит.

 

 

 


Read 190 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 02:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.