АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Абҵара.2023

Абҵарамза 24 рзы ажурналисттә конкурс «Взгляд – 2023» аихшьаалақәа рыҟаҵара иазку ацеремониа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, абҵарамза  24, 11:00 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр азал маҷ аҿы Аԥсны ажурналисттә еилазаара аҩныҵҟа  II аконкурс «Взгляд – 2023» аихшьаалақәа рыҟаҵареи аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьареи иазку ацеремониа мҩаԥысуеит.  

Аконкурс 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара  30-шықәса ахыҵра аназгәаҭо ашықәс азы иахьымҩаԥысуа инамаданы, аконкурс аиҿкааҩцәа уи цәыббрамза 27, 1993 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы игылоу аминистрцәа Реилазаара ахыбра ахақәиҭтәраан ақырҭуа снаипер ихымца иагаз Аинформациатә Агентра ТАСС афотокорресспондент, Аԥсны Афырхаҵа Андреи Соловиев изкхарц азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аконкурсантцәа аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа ихы алаирхәраны дыҟоуп Аинформациатә агентра ТАСС адиректор Хада Андреи Кондрашов.

Аконкурс ажурналистика аҿиара адгылара аҭареи Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи русеицура аарԥшреи хықәкыс иҟаҵаны имҩаԥысуеит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра ҿыц аусура иалаго ажурналистцәа адгылара рыҭара адагьы, аԥышәа змоу ажурналистцәа амотивациа рыҭареи хықәкыс иамоуп. Убри азоуп сынтәа аноминациақәа рсиа иааубаратәы еиҳа  изхарҭәаахазгьы: «Аочерк», «Астатиа», «Афоторепортаж», «Арепортаж», иара убас «Аиҿцәажәара».

Аконкурс аԥшьгаҩцәас иҟоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа, Аԥсны акультура Аминистрреи Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи.


Read 248 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 02:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.