АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Абҵара.2023

Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы Ареспубликатә штаб аилатәара мҩаԥгеит.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы Ареспубликатә штаб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥгеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ареспублика аҿы  афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу азгәалҭеит. Убас, ицәырҵыз адефициат ахарҭәаара азы аҳәынҭқарра иазоунажьхьеит  335 миллион мааҭ. Зынӡа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаашьҭхо афымцамч азы ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза азы даҽа 600 млн. мааҭ инареиҳаны иԥшаатәуп. Убри аан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ 2023 шықәса 11 мзы рыла афымцамч ахархәара алаҟәра 330 млн кВт/с. рҟынӡа инаӡеит, урҭ рахьынтә 205 млн кВт/с. изакәанымкәа афымцамч ахархәара аԥхьырҟәҟәаара азы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ирылҵшәахеит ҳәа иазгәалҭеит.  

Аԥсны амаининг ақәиҭымтәразы Ақәҵара ареспублика аиҳабыра ирыдыркылеит 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. 2021 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы ари ақәиҭымтәра иацҵан 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа, анаҩс 2023 шықәса анҵәамҭанӡа. Иара убасҵәҟьа атәылахь акриптовалиута арҳаразы амаругақәа ралагаразгьы аԥкрақәа ирыцҵан.

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, 2016 шықәса инаркны цәыббрамза, 2020 шықәсанӡа ареспублика ахь иааган 66 857 цыра амаининг-еиқәыршәагақәа. Убри аан  2020 шықәса инаркны Аԥснынтә иалганы иган  27 152 цыра акриптовалиута арҳара иазку амаругақәа.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рыла 2020 шықәса инаркны ирымхуп, анаҩс аамҭалатәи ашьҭаҵарҭақәа рахь инагоуп  6 415 аппарат, 2023 шықәса, жәабранмза инаркны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ала иаарԥшхеит  3 431 аппарат.  

Аха, Кристина Озган лажәақәа рыла, уи изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы иқәыргылоу ахықәкқәа зегьы рынагӡара алнаршеит ҳәа уҳәаратәы иҟам. Акриптовалиута арҳара иазку аиқәыршәагақәеи амаругақәеи рымхра азԥхьагәазҭо афымцамч изакәанымкәа ахархәара аҿагылара иазку азакәан апроект  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарлаент ахь ашьақәырӷәӷәаразы инагоуп.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рыԥшаареи рцәыргареи рымхреи, иара убас азакәаншьаҭада афымцацәаҳәақәа раҿакра аԥхьырҟәҟәаареи  иазырханы Ахылаԥшырҭа имҩаԥнаго аусуразы адырра ҟаиҵеит. Иара Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҟәшеиҵақәа зеффективра маҷу русура дақәыӡбаны дцәажәеит. Уи изакәанымкәа амаининг знапы алаку рнаҩс, ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы зхара ыҟоу амаҵурауааи аҭакԥхықәра ишақәыршәахо азы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аштаб аилатәара аихшьаалақәа ҟаҵо, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб «Амшынеиқәафымцамч» араионтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа хаҭала ирыду аҭакԥхықәра атәы ҩаԥхьа иргәалаиршәеит, уи  ақалақьи араиони рҟны иҟоу аҭагылазаашьа бзиаӡаны иҭҵааны, изакәанымкәа ишьақәыргылоу атрансформаторқәа реимыхра иадҳәалоу аусура ацҵара азы адҵа ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ареспублика ахь амаининг азы аппаратқәа раагара аԥхьырҟәҟәаара иазкны аусура арӷәӷәара азы адҵа ҟаҵоуп.

Азеиԥш усура абжьаратәи алҵшәақәа ирылацәажәахоит ҩымчыбжь рышьҭахь.


Read 330 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 11:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.