Ахәылбыҽха, абҵарамза 21 рзы, Афон Ҿыц иҟоу аҳәынҭқарратә дача азааигәара еизо иалагеит ақалақь аҿы инхо ауаа. «Ҳара иҳаураны ҳаҟаӡам Афон Ҿыц иҟоу аҳәынҭқарратә дача аҭира!» – ҳәа ҿырҭуан дара еиҿыркааз апротесстә ҟазшьа змаз акциа аҿы. Еизаз ауаа рахь ицәырҵит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Борис Лакәатаа, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура анапхгаҩы Дмитри Дбар. Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь аҳәынҭқарратә дача аԥхьа имҩаԥысуаз акциа хырқәшахеит, ауаагьы еимпит.
«Сара хаҭала ақалақь ауааԥсыра рԥылара схы аласырхәыртә сыҟамызт, избан акәзар уажәы аҽыхәышәтәра ҳәа Краснодар ақалақь аҿы сыҟоуп. Аха сара излаздыруа ала, иарбоу аобиект қьырала аҭара, мамзаргьы аҭира аганахьала изеиԥшразаалак ацәажәарақәа ыҟаӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Кәыҵниа.
Аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла, Афон Ҿыц ауааԥсыра Аҳәынҭқарра Ахадеи Апарламенти рахь абри аобиект ақалақь аҭаразы ажәалагала зну ашәҟәы адәықәҵара ргәы иҭоуп.