Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҩаша, ахәылбыҽха, абҵарамза 21 рзы Афон Ҿыц ақалақь аҿы иҟалаз ахҭысқәа рганахьала аҳәамҭа ҟанаҵеит.
«Абҵарамза 21, 2023 шықәса, 21 сааҭ инарзынаԥшуа, Афон Ҿыц ақалақь аҿы, гәыԥҩык ауаа Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа аструктура иалоу аҳәынҭқарратә дача аихабетонтә хкаара рбганы аҵакыра аҩныҵҟа иҭалеит. Иара убри ала аҳәынҭқарратә мазара азарал ду аиуит», - ҳәа иаҳәоит аҳәамҭа аҿы.
Акциа иалахәыз изларҳәаз ала, аихабетонтә хкаара арбгара аҳәынҭқарратә дача аҵакыра аҭиразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ҳәа ацәажәарақәа ирыхҟьеит. Арҭ ацәажәарақәа акала ишьақәырӷәӷәам ҳәа иазгәаҳҭоит. Акциа иалахәыз иара убас Афон Ҿыц аҿиара аҭаххрақәа рзы, ахәҭакахьала, асоциалтә инфраструктура аобиектқәа рыргыларазы адгьыл азоужьра хымԥадатәны иҟоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит.
«Иҟоу Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада ирезиденциеи аҳәынҭқарратә дачақәеи рганахьала априватизациеи ацәтәымтәреи залыршахом. Убри аҟнытә, Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа аструктура иалоу аҳәынҭқарратә дача аҭиразы изеиԥшразаалак аҭагылазаашьеи алшареи ыҟаӡам.
Аԥсны азинмчы змоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны иахәҭоу агәаҭарақәа рымҩаԥгара иалагахьеит, азакәанԥҵара еилазгаз ауаа хымԥада азакәан инақәыршәаны аҭакԥхықәра рыдҵахоит.