АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2023

Роберт Киут: азакәанԥҵара еилазго иарбанызаалак ауснагӡатәқәа зегьы ӷәӷәала аҿагылара роуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аҩаша ахәылбыҽха, абҵарамза 21 рзы Афон Ҿыц ақалақь аҿы иҟалаз ахҭысқәа инарымаданы Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аминистр абҵарамза 21, 2023 шықәсазы Афон Ҿыц ақалақь аҿы, гәыԥҩык ауаа  Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа аструктура иалоу аҳәынҭқарратә дача «Афон Ҿыц» аихабетонтә хкаара рбганы аҵакыра аҩныҵҟа рҭалара иадҳәалоу ахҭыс азы агәҭынчымра ааирԥшит.

«Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аганахьала азаканԥҵара еилазго иарбанызаалак ауснагӡатәқәа зегьы ӷәӷәала аҿагылара роуеит.

Ареспублиа Аԥсны атәылауаа аконституциатә зин рымоуп ауаажәларатә ҵакы змоу азҵаарақәа рышьҭыхреи рыӡбареи. Аха  уи ас еиԥш аҟазшьа аманы иҟамлароуп. Иумбар залшом, араҟа ауаажәларра реизҳазыӷьареи ринтересқәа рыхьчареи гәхьаас иҟаҵаны акәушәа аус аҿы зынӡа даҽа интересқәак ирышьҭоу џьоукы ауаа шалаху.  Убарҭ роуп афонҿыцтәи аинцидент аԥшьгаҩыс иҟоугьы», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.

Аминистр иажәақәа рыла, «ҳара ҳауаажәлара ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа акыр иаргәамҵуеит. Урҭ ареспублика аҿы еицырдыруа ауаа ҭакԥхықәрала рхымҩаԥгашьа еиԥш лакҩакрадатәи анырра иадҳәалоу ауснагӡатәқәеи разыԥшра азин рымоуп».

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра зегьы еилкааны ахымҩаԥгашьеи уи ицу ашәарҭарақәеи цқьа ирызхәыцырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.


Read 171 times - Аԥшьаша, 23 Абҵара 2023 01:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.