АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2023

Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы ахәыҷтәы психиатриа апроблемақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьали иреиҳаӡоу аквалификациатә ҩаӡара змоу аҳақьым-апсихиатр, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рҳақьым-психиатр, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра иатәу Иреиҳаӡоу аҵарадырразы Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә ҵарадырратә Усбарҭа (ФГБОУ ВО) Ростовтәи аҳәынҭқарратә медицинатә Университет апсихиатриеи анаркологиеи ркафедра аусзуҩ Оксана Мельниковеи алархәны аусуратә еилацәажара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит аҳақьым-психиатр Гванҵа Маҷавариани.

Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра адгыларала Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» еиҿнакааз апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Оксана Мельникова ҩымчыбжь ирылагӡаны ахәыҷқәа лыдылкылалоит. Акциа атәыла араионқәа зегьы рыҟны имҩаԥыслоит, аҳақьым идкыларақәа хәыда-ԥсада, аконфиденциалтә ҟазшьа аманы имҩаԥыслоит.

Едуард Быҭәба, ари апроект атәыла иқәынхо ахәыҷқәа рзы акыр хра злоу усны иҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иҟоуп аҭаацәа, рхәыҷқәа иарбоу ахырхарҭала џьара проблемак рымоуп ҳәа иҟам. Ҳара уи азгәаҳамҭар залшаӡом», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Оксана Мельникова илоуз адкылара бзиа азы иҭабуп лҳәеит, уи иара убас ҩымчыбжь ирылагӡаны излалылшо ала ирацәаны ахәыҷқәа реиԥш, иааизакны Аԥсны апсихиатриатә цхыраара амаҵзура ацхыраара аҭара лҽазылшәоит ҳәа иазгәалҭеит.  


Read 266 times - Аҩаша, 21 Абҵара 2023 18:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.