АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2023

Сандро Киути Альберт Кирокосиани косики карате азы Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи акаратистцәа косики карате азы Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит. Альберт Кирокосиан аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, Сандро Киут – ахԥатәи аҭыԥ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир мҩаԥысуан абҵарамза 18 – 19 рзы Москватәи аобласт Ногинск ақалақь аҿы.  Аицлабрақәа иралыхәын Урыстәыла арегионқәа зегьы рҟынтәи 500-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.

Аԥснытәи аспортсменцәа азыҟаиҵоит Аԥсны косики карате Афедерациа апрезидент, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Демис Адлеиба.


Read 233 times - Аҩаша, 21 Абҵара 2023 17:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.