АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Абҵара.2023

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩыс далхуп Леванҭ Аҭрышба.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 12 рзы Ҭырқәтәыла, Измиҭ ақалақь аҿы Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа VIII Аизара ду  мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟоуп акультуреи аҿари аспорти рызҵаарақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Венори Бебиа, асоциалтә политика,аџьа, агәабзиарахьчара, адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Џьопуа, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилак алахәыла Инар Гыцба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Аизара Ду аделегатцәа Афедерациа аусура азы аҳасабырба иазыӡырҩит, анаҩс ахантәаҩы ҿыц далырхит.

Афедерациа ахантәаҩы иҭыԥ аҟны иара убас иқәгылан Ҳасан Чычбеи Ерџьаи Ԥачкориеи ркандидатурақәагьы.

Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩыс далхуп Леванҭ Аҭрышба.

Аизара аҟны ахада иалхра анаҩсгьы, Афедерациа ахеилак аилазаара ҿыц шьақәыргылан.

Иахьатәи амш азы Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа иалоуп 22 дернеқь. Арҭ ахеидкылақәа аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа еизакны иахьынхо атәыла еиуеиԥшым араионқәа рҿы иаԥҵоуп, урҭ  русура ахықәкы хаданы иҟоуп аԥсуа-абаза жәларқәа реидкылара, ретнокультура аиқәырхара, рџьынџьԥсадгьыли дареи рыбжьара аимадарақәа рырӷәара.

Ҩы-шықәса Афедерациа напхгара аиҭон Мураҭ Махариа (Гиумиушь). Иара абҵарамза, 2021 шықәсазы Коџьаели ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа VII Аизара ду аҿы далхын. 

 


Read 211 times - Амҽыша, 12 Абҵара 2023 21:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.