Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала еизаз дрыдныҳәалеит. Адныҳәаларатә цҳамҭа атекст ахәҭакахьала иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит иахьа абра, аҭоурыхтә ҭыԥ аҟны еизаз зегьы, ишаԥу еиԥш ҭагалан ныҳәа азгәаҭаразы, Аԥсны зегьы, аԥсуа жәлар зегьы ирыдныҳәаларц имҩахыҵыз зегьы!
Машәырны иҟамлаӡеит аҽаҩра аҭагалара аныҳәа Лыхнашҭа иахьымҩаԥысуа, ажәлар зегьы еидгыланы, ҭаацәарак еиԥш аныҳәа иахьаԥыло. Иахьа Аԥсны араионқәа зегьы рыҟнытә ара еизеит бзабааны ирԥылаз рааԥсара алҵшәақәа рцәыргақәҵаразы, иреиӷьу ҳатрадициақәа еиҭа ргәаларшәаразы.
Иахьа ара иааиз зегьы ирбоит ахандеира алҵшәақәа. Агәахәара унаҭоит аҽаҩра бзиа, Аԥсны ақыҭанхамҩа абарақьаҭра, аха еиҳагьы угәы еизнарҳауеит ҳажәлар анхара-анҵыра шрылшо, рџьабаа шырԥылаз анубо. Ара иаҳбо зегьы ҳкультура, ҳҵасқәа, ҳбызшәа еиқәырханы иахьаарго ҳқыҭақәа рыҟны инхо анхаҩы иааԥсара, иԥхӡаша иалҵшәоуп. Ари шәышықәсала еицакра ақәымкәа, еиқәырханы иааҳгалароуп.
Ҳажәлар акыр ауадаҩрақәа рхыргахьеит, уи шаҳаҭра азнауеит Лыхнашҭа, шәышықәса зхыҵуа ари аҭәаҵла. Иахьа ҳазегьы уаҵәтәи амш иахьаасҭа еиӷьхап ҳәа ҳгәыӷуеит. Сара агәра згоит аҿиара, аизҳара ыҟазарц азы ҳаидгыланы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳәа, ҳажәлар абра Лыхнашҭаҟны Аԥсны иҟалаз аизҳазыӷьара, абарақьаҭра лабҿаба ирбарц азы, ҳажәлар ибеиоу, насыԥ змоу, еизҳауа, иҿио ртәыла иаԥшәымацәаны иҟазарц азы.
Абзиара шәықәзааит иахьа аныҳәа иалахәу зегьы! Ҽаанбзиала шәнеиааит!»
Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.