АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Абҵара.2023

Аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа есышықәса имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа азгәарҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, Аԥсныпресс. Лыхны ақыҭан, аҭоурыхтә дәы «Лыхнашҭа»  есышықәса имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа азгәарҭеит. Уи рҽаладырхәит Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи Афон Ҿыц ақалақьи.

Иԥшӡаны ирхиаз араион ақыҭақәа рпавилионқәа  рҿы итрадициатәу аԥсуа чысқәа, аҩҿа, ауадка, ауҭраҭыхи амандариана, ахәырма, афеихоуа, ажь, аҵәа, уҳәа убас ирацәаны аеиуеиԥшым ашәырқәеи цәыргақәҵан.  

Аҭааҩцәа гәахәара дула аԥснытәи анапҟазацәа рыҟаҵамҭақәа ирыхәаԥшуан, еиуеиԥшым ахаа-мыхаақәа ргьама рбон.

Сынтәа  имҩаԥысуа аҽаҩраныҳәа раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит Ҟарачы-Черкесскынтәи абазақәа рхаҭарнакцәа. Урҭ  рпавилион аҭааҩцәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭон. Дара гәахәара дула абазаа рмилаҭтә чысқәа ргьамақәа рбон, аиашьаратә жәлар ркультуреи рҵасқәеи рқьабзқәеи ртәы зҳәо аекспонатқәа ирыхәаԥшуан.

Аныҳәа акультуратә программа аҿы иҟан аконцерт. Уи рхы аладырхәит акәашаратәи ашәаҳәаратәи арҿиаратә коллективқәа, аԥсуа естрада артистцәа.

Иара убас араҟа имҩаԥысит аҽырыҩрагьы. Ажәлар рыхәмаррақәа ирылахәыз ахыци ахәымпали рыла ахысраҿы еицлабуан. Прочитано 54 раз. Последнее изменение 12.11.2023.

Ақыҭанхамҩаз Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Иура Кәарацхьелиа иажәақәа рыла, сынтәа аныҳәа иалахәуп араион 20-қыҭеи, Афон ҽыц ақалақьи рнаҩс Ҟарачы -Черкесскынтәи абазақәа рхаҭарнакцәа. Иара убас, иара ахатәы ашҭа аанартит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи.

 


Read 255 times - Амҽыша, 12 Абҵара 2023 19:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.