АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Абҵара.2023

102-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аибашьра аветеран Валентина Шульгина.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсны- -Информ.  102 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит 1941-1945шш. аибашьра аветеран, Сталинград азы аидыслара иалахәыз, Аиаҵәа Ҟаԥшь аорденқәа ҩба ркавалер, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу  -  Валентина Шульгина, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Аԥсны- Информ».

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алагара маҷк шыбжьаз усҟан зынӡа иқәыԥшыз Валентина Шульгина Томсктәи амедицинатә Институт далгеит. Ашьҭахь ақыҭантәи аҳақьымс аус луа далагеит. Араҟа лара аҵараҿы илоуз адыррақәа лхы иалырхәон.  Усҟан Валентина ргәы иаанагомызт ԥыҭрак ашьҭахь лара ауаа рыхәышәтәреи рыԥсқәа аиқәырхареи аҭынч ԥсҭазаара змоу ақыҭаҿы акәымкәа аибашьраҿа анагӡара лықәшәоит ҳәа.

Асовет тәылауаа реиҳараҩык еиԥш ларгьы анемец архәҭақәа Асовет Еидгыла ишақәлаз атәы   арадио ала илаҳаит. Хара имгакәа афашистцәа атәыла мраҭашәаратәи аган аҿы мҽхакы ҭбаала атерриториа рнапахьы иааргеит, урҭ атәыла аҳҭнықалақь Москва аганахьала ижәылон. 

Валентина Шульгина егьырҭ аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи реиԥш арратә комитет ахь днарыԥхьеит, араҟа урҭ ашәҟәы иҭаргалеит. Нанҳәамза 24, 1942 шықәсазы лара Томск ақалақь аҟынтәи Омск ақалақь ахь ддәықәырҵеит, араҟа усҟан атанктә, ашьаҟартә, артиллериатә ҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа рыла   адивизиақәа  реиқәыршәара мҩаԥысуан.  Лара асанитартә взвод акомандаҟаҵаҩыс дҟарҵеит.

Валентина Шульгина лнапхгара аҵаҟа иҟан 21-ҩык. Ҩымчыбжь Омск ақалақь аҿы аҟазаара ашьҭахь Валентина Шульгина лвзвод ешелонла Сталинградҟа идәықәҵан. Аха усҟан дара абџьар зынӡа имаҷны ирыман, ахыԥсаҟьагак «Максим», аурысшәақьки ракәын ирымаз. 

Асанитартә взвод аԥхьатәи апозициақәа рҟынӡа инаӡеит, уаантәи уи Васили Чуиков ир анапхгараҭара ахь ииаргеит.

Валентина Шульгина 2018 шықәсазы Сталиниградтәи аидыслара 75-шықәса ахыҵра азгәаҭара лхы алалырхәхьан. Уажәы ари ишәҭыкакаҷуа, акыр иԥшӡоу қалақьуп, аха усҟан, уи ахақәиҭтәра ашьҭахьҵәҟьа араҟа еиқәхаз ҩныкгьы ыҟаӡамызт, зегьы иҟәыбаса ишьҭан.

Сталинградтәи аидыслара анхыркәшаха ашьҭахь мчыбжьыки бжаки зхы иақәиҭтәыз ақалақь аҿы аҟазаара ашьҭахь авзвод Мичуринск ақалақь ахь аиҭеиқәыршәара ахь идәықәҵахеит, уи ашьҭахь Валентина Шульгина Курско-Орловскаиа дуга ахь идәықәырҵеит.

Аӷа шьаҭанкыла ииаира аналыршаха ашьҭахь, адивизиақәа аҩныҟа идәықәырҵо иалагеит, Валентина Шульгина лывзводгьы уи иазыԥшын.

«Зегьы  арра аҟынтә рхы иақәиҭыртәон, ҳара уи ҳазыԥшын. Ус, уахык зны «теплушка» ҳәа изышьҭоу атауартә вагонқәа ҳанҭадыртәан амҩа ҳақәлеит. Усҟан ҳахьыргозгьы цқьа иҳаздыруамызт. Киев ақалақь аҟынӡа ҳнаргаанӡа аӡәгьы иҳаздыруамыз ҳахьырго. Ашьҭахь Чита ҳнаӡеит, уаантәи Иапониаҟа ҳдәықәырҵеит.  Сара Иапониа аибашьра зегьы схызгеит, 1954 шықәсанӡа Порт-Артур аҿы сыҟан, сара  амедицинатә маҵзура агвардиа-леитенант ҳәа арратә хьӡы санашьоуп»,- ҳәа еиҭалҳәон Валентина Ефим-иԥҳа Шульгина. 

Лара Иапониа аӡаҵаӷбақәа рҿы аус луан, уаҟа ауп лаԥхьаҟа илыԥшәмахараны иҟази лареи ахьеибадырыз.

«Сара сыԥшәма амшынҵауаҩ-атомтә маругақәа рыспециалист иакәын. Атомтә аӡаҵаӷба аҿы агәабзиара ахьчаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа ахьаԥҵамыз иахҟьаны иара дычмазаҩхеит. Ҳаргьы Аԥсныҟа ҳааит. Араҟа аҩны ҳаздыргылеит, анхара-анҵыра ҳалагеит иаргьы саргьы», – ҳәа  илгәалалыршәон  лара.

Ашьҭахь Валентина Шульгина Москватәи афинанстә Университет далгеит, акыр шықәса Аԥсны аҳасабеилыргаҩыс аус луан.

 

 

 


Read 189 times - Амҽыша, 12 Абҵара 2023 21:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.