АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Абҵара.2023

Ауаҩы иԥаараҿы ахара зду Георги Зыхәба ихьырхәра аҩнытә баандаҩтәра ала иԥсахуп.

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Гамисониа Г.Г. лхантәаҩралеи аӡбаҩцәа Кәарҷиа Р.В., Аџьынџьал З.С. алархәны имҩаԥысыз ашьауӷатә усқәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа адукат Инга Габилаиа Зыхәба Георги Лавренти-иԥа иинтересқәа рыхьчаразы Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Зыхәба Георги иҭакра аҽҳәара ацҵаразы иаднакылаз ақәҵара азы иалалҵаз азашшратә зыҳәамҭа иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Заанаҵтәи аусеилыргара аубарҭала Георги Зыхәба  50 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо аҿыхԥса ацәгара гәҭакыс иҟаҵаны Мерцхәлаа Омар Даҭикәа-иԥа иԥаара азы ахара идҵахеит. Ауаҩы иԥаара иадҳәалоу ацәгьоура ҟалеит мшаԥымза 17, 2019 шықәсазы Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан.

Георги Зыхәба  иара убас атәылауаҩԥҳәыс Џьелиа И.И. илтәыз амазара аӷьычреи ицынхоз аԥҳәыс Ҭыжәба З.З. ашьразы лықәмақарреи иҭҟьо амцабџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рзы ахара идҵоуп.  

Ахашшааратә коллегиа Зыхәба Георги иганахьала уаанӡа иалхыз ҭакрала ахьырхәра аԥыхреи уи аҩнытә баандаҩтәра ала аԥсахреи рзы аӡбамҭа аднакылеит. Герги Зыхәба аӡбарҭа азал аҿы ахьчаҩцәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын.

Иарбоу ашьауӷатә ус Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа аҿы иахәаԥшуеит, уи  аҳәынҭқарратә харадҵара аганахьала ашьақәырӷәӷәагақәа рыҭҵаара астадиа аҿы иҟоуп.


Read 142 times - Аԥшьаша, 09 Абҵара 2023 00:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.