АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Абҵара.2023

Едуард Быҭәба аимҳәадуҿагыларатә диспансер аусура гәеиҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ахаша, абҵарамза 8 рзы аимҳәадуҿагыларатә диспансер даҭааит. Уи иҭаара ахықәкы хаданы иҟан аусбарҭа аусшьа агәаҭареи иҟоу аусқәа рҭагылазашьа аилкаареи.   Абри азы адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра асаит.

Амедицинатә усбарҭа адиректор Џьумбер Гоԥиа Едуард Быҭәба аимҳәадуҿагыларатә диспансер аҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы изеиҭеиҳәеит. Уи иажәақәа рыла, иарбоу апроблемақәа рыӡбараҿы Аминистрра аҟынтәи ацхыраара аҭаххар алшоит.

Џьумбер Гоԥиа иажәақәа рыла, адиспансер аҿы иҟоуп ацрыӡмҩангагатә система иадҳәалоу ауадаҩрақәа ыҟоуп, урҭ аҵыхәтәантәи аамҭазы  еиҳа иӷәӷәахеит.

«Уаанӡа ҳара ҳамч ала ицәырҵуаз апроблемақәа рыӡбара ҳҽазаҳшәон, аха аҭагылазаашьа  еиҳа иуадаҩымхарц азы иахәҭоу аусурақәа мҩаԥгатәуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Анҭыҵтәи аилацәажәара  ихы алаирхәит  аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныргылара» анапхгаҩы Руслан Тәанба.

Уи  амедицинатә усбарҭа аҿы хымԥада  иҭыԥырку арыцқьаратә еиқәыршәага ыҟазар ахәҭоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара арыцқьаратә еиқәыршәагақәа рыргыларазы ахарџьынҵатә документациа еиқәҳаршәеит, урҭ рыхәԥса 4 млн. 600 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ари ашьақәыргылага аныргылахо ашьҭахь иарбоу ахырхарҭа аганахьала адиспансер уаҳа апроблемақәа азцәырҵлаӡом»,- ҳәа агәра ганы дыҟоуп Руслан Тәанба.

Иара убас, иарбоу амедицинатә усбарҭаҿы иԥхасҭахеит арентген-аппарати афлиуорографи, алабораториа аҿы иаҭахуп иҿыцу абиохимиатә анализатор.

Атәыла агәабзиарахьчара аминистр иахәҭоу аусбарҭақәеи амаҵзурақәеи аамҭа кьаҿ иалагӡаны иарбоу амедицинатә усбарҭа аҿы ихымԥадатәиу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нарыгӡарц азы анапынҵақәа риҭеит.

Едуард Быҭәба  адиспансер аҿы арыцқьаратә шьақәгыларақәа рыргылара ахымԥадатәра азҵаара атәыла Анапхгара аҩаӡараҿы иалацәажәахьеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уажәы аусурақәа рфинанстәра ахыҵхырҭа аԥшаара азҵаара аӡбара мҩаԥысуеит.

«Аимҳәадуҿагыларатә диспансер акыр зҵазкуа ареспублика амедицинатә центр ауп, уи инагӡаны, иҟоу анормақәа инарықәыршәаны мҽхакы ҭбаала аус аулароуп. Шьаҿа-шьаҿала азҵаарақәа зегьы ҳаӡбалоит», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Иахьатәи амш азы аимҳәадуҿагыларатә хәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәра иахысуеит 16-ҩык апациентцәа, амбулатортә хәышәтәра роуеит 48-ҩык.  


Read 248 times - Аԥшьаша, 09 Абҵара 2023 00:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.