АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Абҵара.2023

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амедицинатә Усбарҭа иҷыдоу автотранспорт аимадара амобилтә системала еиқәдыршәеит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амедицинатә Усбарҭа иҷыдоу автотранспорт аимадара амобилтә системала еиқәдыршәеит. Уи аԥыԥшраҿы иҟоу аҳақьымцәа рыбригада амҩан аконсультациақәа рымҩаԥгаразы Урыстәыла ахәышәтәырҭақәа зегьы рҿы еиуеиԥшым апрофиль иаҵанакуа аспециалистцәа ареалтә аамҭа арежим ала рыҽрымадара алнаршоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
«Иаҭаххоны иҟалозар, ахәра зауз ауаа рҭагылазаашьа онлаин режим ала иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра рыҭара азы ареанимобиль аҿы ишьақәыргылоу ахарашәаратә приборқәа рҟынтәи арбагақәа ахыхра алыршахоит. Ишьақәыргылаз асистема атесттә режим ала қәҿиарала аԥышәарақәа ирхысит», – ҳәа иазгәаҭоуп аԥсеиқәырхаратә хылаԥшырҭа иҟанаҵо адырраҭара аҿы.


Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, иарбоу асистема иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рыхҟьаԥҟьақәа рықәгареи ааха зауз ауаа ахәышәтәырҭақәа рахь рнагареи раан амашәырцәгьақәа рмедицина абригадақәа русуа алшарақәа акыр иацнаҵоит. Иарбоу асистема аналогқәа Аԥсны еиԥш, иара Урыстәылатәи Афедерациа аҿгьы макьаназы иҟаӡам. 


Read 242 times - Ахаша, 08 Абҵара 2023 23:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.