Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә биуџьети араионқәа рбиуџьети зҵазкуа аҳәынҭқарратә биуџьет азеиԥш шәага-зага хы-шықәса рыла (2020 – 2022 шш.) 57% рыла иацлеит. Уи алагалақәа рыла 13,6 миллиард мааҭ иартәоит, аныхтәқәа - 15,9 миллиард мааҭ ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп. Абри азы 2022 – 2023 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы аҳәынҭқарратә программа анагӡара иазкны имҩаԥгаз аилатәара аҿы адырра ҟалҵеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа 35% рыла иазҳаит, уи 13,7 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан ахатәы хашәалахәқәа 3 шықәса 56% рыла иазҳаит, урҭ 8 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аоперативтә дыррақәа рыла, 2023 шықәса, 10 мыз рыла аҳазылхратә шәатәқәеи ашәахтәқәеи рзы ашықәстәи арбагақәа нагӡоуп.
Абиуџьеттә усхкы аҿы аус зуа рулафахәы ашьҭыҵра 38%, даҽакала иуҳәозар – 20 160 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аекономика аҿы аулафахәы ашьҭыҵра 85%, даҽаала иуҳәозар – 20 471 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Хышықәса рыла иааубаратәы иазҳаит Атәынчаҩратә Фонд ахь алагалақәа ршәага-зага. Убас 2022 шықәсазы 2019 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, алагалақәа реизҳара 41% рҟынӡа инаӡон.
Атәыла асоциалтә фондқәа зегьы рыла алагалақәа реизҳара аҩаӡара 39% рҟынӡа инаӡеит.