Апрофильтә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Беииа адгьылқәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь аиагара апроцедура арӷәӷәара азы ажәалагала ҟаиҵеит. «Адгьылқәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь рыиагара, уҳәа адгьылқәа рзоужьра иадҳәалоу егьырҭ ауснагӡатәқәа ҳауаажәлар акыр иаргәамҵуеит. Иазгәаҭатәуп, маӡала, имҳәа-имырза адгьылқәа рыҭира ишаҿу, қьырала иаанкылоу адгьылқәа аиҭақьыра аҳасабала даҽа џьоукы ирыҭахоит. Ҳара адгьылтә ҵакырақәа атегориак аҟынтәи даҽа категориак ахь ииаҳгоит, аха иҳаздырӡом, анаҩс урҭ рҿы иҟаҵахо атәы. Ииашоуп, ҳара арегламент еилаҳгаӡом, аха сара уеизгьы агәра ганы сыҟоуп, апроцедура аԥсахра хымԥадатәны иҟоуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Ҭемыр Беииа иазгәеиҭеит, асанатор-курорттә хыбрақәа рыргыларазы адгьылтә ҵаырақәа рырҭоит, арахь уаҟа шықәсыла акагьы мҩаԥысӡом. Уи аҩызагьы лассы-лассы иуԥылоит, ҳәа иҳәеит адепутат.
«Афирма иазоужьхо адгьылҵакыраҿы азҩыдатәратә комплекс, аотель, мамзаргьы асасааирҭа шыргылахо азы аусшәҟәқәа аланаҵозар, уи убасҵәҟьа апроектгьы адгалара мҩаԥнагароуп. Ҳара ҳакәзар, уажәы иҟоу аҭагылазаашьаҿы, ус иҟоу шыҟоу, иҳарҭо адыррақәа ахьынӡаҵабыргу ҳзымдырӡо аӡбамҭақәа ҳадаҳкылоит. Ауааԥсыра адгьылҵаырақәа рыҭо, ҳара иаадыруазар ҳҭахуп уаҟа иргылахо, апроект анагӡара иамоу аҽҳәара, уи азы иаҭаххо аԥаратә хархәагақәа ршәага-зага, иара убас ари апроект ахарџьынҵа иарбоу аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи 30 - 40% афирма абанк аҿы аԥхьаӡаратә ԥхьаӡараҿы ишьҭазароуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Ҭемыр Беииа иара убас амшын аԥшаҳәа аҟынтәи 200-метра иахьаҵанакуа иҟоу адгьылқәа ахархәаразы аҭаразы аморатори алагаларазы ажәалагала ҟаиҵеит.
«Иарбоу азона аҿы шьаҭанкылатәи аргылара аанкылатәуп. Ҳара иҳамаӡам акадастри ақалақьргыларатә закәанеидкылеи. Ҳара хазхаҭалатәи асектор ыҟазар ахьахәҭоуи асасааирҭа, мамзаргьы апартамент ыҟазар ахьахәҭоуи ҳаздырӡом. Зегьы цқьа иазхәыцны иҟоу аҭагылазаашьа аанкылатәуп. Мап анакәха, ԥыҭрак ашьҭахь зынӡа дгьылда ҳаанхар алшоит», - ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Ҭемыр Беииа.