Аусуратә еиԥылара аҿы аганқәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ашьаҭала азеиԥш социал-економикатә ҵакыра ашьақәыргылара апрограммеи Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳазылхратә ҳәаа ала атауақәа рыиагараа аҳазылхратә формалрақәа рырмариареи рымҩаԥгара иаго аамҭа аркьаҿреи хықәкыс иҟаҵаны Аԥсни Урыстәылеи рҳазылхратә усбарҭақәа русеицуреи ирыдҳәалоу акутуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аганқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ҳазылхратә Еилаки Урыстәыла Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзуреи рыбжьара аусеицура ихадоу аперспектива злоу ахырхарҭақәа рыла аидгылара акурс анагӡара шхымԥадатәиу азгәарҭеит.