АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Абҵара.2023

Жәлар «Атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра» аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа аратификациа азы азакәан адкылара иақәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа апленартә еилатәара аҿы лаҵарамза 28,  2012 рзы «Атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра» аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа аратификациа азы азакәан адкылара иақәшаҳаҭхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Иарбоу Апкаанҵа иазԥхьагәанаҭоит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аҳазылхратә баџь ахшәаарада Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә ҵакыра ахь ииагахо атауарқәа рсиа апропан ҳәа изышьҭоу агаз алагалара.   

 


Read 205 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 13:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.