АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Абҵара.2023

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рзы афинансеицзаужьра азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра азинмчы аҽҳәара ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәсанӡа иацҵахоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рсоциалтә гарантиақәеи аматериал-техникатәи уалафахәылеи реиқәыршәара хәҭа-хәҭалатәи ацҵара азы» жьҭаарамза 23, 2020 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ахь апкаанҵа аратификациа азыруит.  

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада еымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Апкаанҵа ахәҭаҷ 1 инақәыршәаны, Аиқәшаҳаҭра азинмчы аҽҳәара ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәсанӡа иацҵахоит. Иара убас 2023-2025 шш.рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рматериал-техникатә еиқәыршәара хәҭа-хәҭалатәи ашьҭыхра аплан-график шьақырӷәӷәахоит, иара убас 2023-2025 шш. рзы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рсоциалтә гарантиақәеи руалафахәи хәҭа-хәҭала ашьҭыхра аплан-график шьақәырӷәӷәахоит.     


Read 293 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 12:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.