АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Жьҭаара.2023

Ажьырныҳәамза 1 инаркны Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 369 нызықьҩык инареиҳаны, аӡиа Риҵа – 550 нызықьҩык инареиҳаны.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза  1 инаркны жьҭаарамза 21, 2023 шықәсанӡа Г. Смыр ихьӡ зху  Афон Ҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 369 795-ҩык, афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  258 856 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.  

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ажьырныҳәамза 1 инаркны жьҭаарамза 21 аҟынӡа иаҭааз рхыԥхьаӡара  550 718-ҩык рҟынӡа инаӡоит, убри аан афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵлыҵ 366 млн. 179 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  

2022 шықәса, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 379 025-ҩык, афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  258 607 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон;  Риҵатәи арелиттә милаҭтә Парк иаҭааит 602 793-ҩык, афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 385 170 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

 

 


Read 234 times - Аԥшьаша, 26 Жьҭаара 2023 19:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.