АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жьҭаара.2023

Апрокурор Хада аӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиа ахь Ҭҟәарчалтәи аӡбарҭа аӡбаҩ лганахьала ашшԥхьыӡ дәықәиҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокурор Хада Адгәыр Агрба аӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиа ахь Ҭҟәарчалтәи аӡбарҭа аӡбаҩ – Ҭҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо аӡбаҩ Ажьиба Викториа Рудольф-иԥҳа лганахьала ашшԥхьыӡ дәықәиҵеит.

Апрокуратура Хада аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, ашшԥхьыӡ дәықәҵоуп Ажьиба В.Р. лхантәаҩрала ақәҵарақәеи азыӡбақәеи рыдкылараан ашьустә закәанеидкылеи ашьаусҩаԥгаратә закәанеидкылеи реилагара аарԥшра инамаданы.

Ашшыԥхьыӡ атекст аҿы аусмҩаԥгаратә закәанԥҵара ӷәӷәала аилагарақәа ирыхҟьаны еиҳау аӡбарҭақәа рҿы зганахьала ақәҵарақәеи азыӡбақәеи аԥыхыз ашьаусеилыргарақәа еиқәыԥхьаӡоуп.  

Апрокуратура Хада иарбоу ашшԥхьыӡ ахәаԥшреи, анаҩс уи аихшьаалақәа рыла аӡбаҩ Викториа Рудольф-иԥҳа Ажьиба ҽҳәараанӡа лзинмчы аанкылара азы аӡбамҭа адкылареи рзы  Аквалификациатә коллегиа ахь аҳәара ҟанаҵоит.


Read 175 times - Аԥшьаша, 26 Жьҭаара 2023 15:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.