АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жьҭаара.2023

Очамчыратәи ашколхәыҷқәа агәабзеира иазеиӷьу аԥсҭазаашьа ддырҵоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  23 рзы Очамчыра ақалақь аҿы апроект «Агәабзиара иазеиӷьу аԥсҭазаашьа» аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь ашколқәа хԥа аиҳабыратәи аклассқәа рзы атренинг актәи амодуль хыркәшахеит.  Агәабзиара иазеиӷьу аԥсҭазаашьа азы атренингқәа ашколқәа рҿы имҩаԥыргоит уи азы адырра змоу ашкол арҵаҩцәа. Убри аан урҭ рхы аладырхәуеит аҿартә еиҿкаара «IQan» аусзуҩцәагьы. Апроект ихадоу ахықәкы – аҿар рыҩныҵҟа ашьцылара бааԥсқәа мап рыцәкра алыршара ауп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Феисбук аҿы  «IQan» адаҟьа аҿы.  

Атренинг аҿы ашколхәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит агәабзиара заку, аԥсҭазаашьа, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара, ашьҭрамҭа, агәабзиарахьчара, уҳәа агәабзиара ахьчараҿы инанагӡо ароль атәы, иара убас ирацәаны аинтерес зҵоу аинформациа рыларҵәан.

Аҽазыҟаҵарақәа рҿы атеориа анаҩс  иалагалан ахәмарратә елементқәагьы, уи атмосфера бзиа аԥнаҵон. Атренинг аихшьаалақәа ҟаҵо, уи алахәылацәа даара гәахәарыла атренинг рхы аладырхәуан, иааиуа аҽазыҟаҵарақәа ирзыԥшуп ҳәа иазгәарҭеит.

Апроект «Агәабзиара иазеиӷьу аԥсҭазаашьа» апроект SCOPE аҳәаақәа ирҭагӡаны аус зуа «Асоциал-культуратә аԥшьгарақәа рзы Агәыҳалалратә Фонд» адгыларала инагӡахоит.


Read 205 times - Аԥшьаша, 26 Жьҭаара 2023 11:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.