АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жьҭаара.2023

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура акоманда – аминистрррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы аспорт абзиабаратә турнир аҿы ҩынттәны аиааира агеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура акоманда – Аԥсны аминистрррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы аспорт абзиабаратә турнир аҿы ҩынттәны аиааира агеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Жьҭаарамза 24 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит аминистрррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы аспорт абзиабаратә турнир.  Атурнир рхы аладырхәит 18 командак, урҭ «илашәу» аҵәҭаԥсарала агәыԥқәа рыла еихшахеит.

Мчыбжьык иалагӡаны ашьапылампыласыҩцәа есыҽны аицлаблара иаҿын, акәаталақәа еизыргон, еиҳа-еиҳа афинал иазааигәахон.

Афиналтә матч аҿы еиԥылеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи ркомандақәа. Аматч раԥхьатәи аминутақәа инаркны даара акыр аибарххара зҵаз аиндаҭлара ҟалеит, уи аҩ-таимк ирылагӡаны акомандақәа рызгәыбылҩцәа акыр ргәы дырхыҭхыҭит. Афиналтә матч аихшьаалақәа рыла, атурнир аҿы ҩаԥхьа аиааира агеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура акоманда, уи аиндаҭлаҩ икоманда асчиот 5:3 ҳәа иаиааит.

Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит атурнир аиҿкааҩ – аҿари аспорти русқәа рзы Аилак акоманда, уи аҳҭныкалақь Ахадара акоманда  асчиот 5:3  ҳәа иаиааит.

Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, атурнир аиҿкааҩцәа еиуеиԥшым аноминациақәа рҿы иреиӷьу ахәмарыҩцәа алыркаауеит.  

Убас, атурнир иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа далкаахеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра акоманда аҟынтәи Даур Ӡиаԥшьба, иреиӷьу амбахьчаҩыс – аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы акоманда аҟынтәи Владимир Бараҭелиа, атурнир иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа далкаахеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура акоманда Владислав Мороз.

«Ахәаԥшцәа ргәаздура аҳамҭа» иоуит Аҟәа ақалақь Ахадара акоманда аҟынтәи Роман Ҵкәуа.

Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа  рхы аладырхәит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, аверсиа ConIFА ала Аԥсны еизгоу акоманда аилазаараҿы ашьапылампыл азы адунеи ачемпион, аҩбатәи адивизион араӡнытәи аџьазтәи аԥхьахәгаҩы Руслан Шьониа, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Адепартамент адиректор Ельза Ҳагба.   

 

 


Read 235 times - Ахаша, 25 Жьҭаара 2023 19:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.