АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жьҭаара.2023

Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2023-2025 шш. Аинвестициатә программа анагӡара иалацәажәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба далархәны 2023-2025 шш. Аинвестпрограмма ала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аетапқәа, аминистрцәа Реилазаара аҿы 2023 шықәсазы ишьақәырӷәӷәоу асиа инақәыршәаны, еиуеиԥшым аобиектқәа рҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара, иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә фонди аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонди рҟынтәи иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа рыла  аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара шымҩаԥысуа далацәажәеит. 2023-2025 шш. Аинвестициатә программа ала 2023 шықәсазы рынагӡара азԥхьагәаҭоуп 24 усмҩаԥгатә. Урҭ рхарџь азеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд. 215 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Зфинанстәра мҩаԥгоу, зеиҭашьақәыргыларагьы ахыркәшарахь инеихьоу аобиектқәа ирықәхарџьу аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 900 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, егьырҭ иаанхаз аусурақәа рфинанстәра ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа  имҩаԥгахоит.  

Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо амҩаду авариатә хәҭақәа рҿы аҵаргәатә ҭыӡқәа шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара хыркәшахоит, хара имгакәа аҵыхәтәантәи иаанхаз ахԥатәи атрасса ахәҭа ахархәарахь ирыҭахоит. Астанцеиҵа «Алаҳаӡы» ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ареконструкциа анхыркәшахалак ашьҭахь етап-етапла амчхара 20 инаркны 80 МВт аҟынӡа ишьҭыххоит, астанцеиҵа «Бзыԥ» амчхара – 125 инаркны 250 МВт. рҟынӡа.

Гәдоуҭа ақалақь аҿы х-мҩадук рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нагӡоуп, иарбоу аобиектқәа ахархәарахь ирыҭоуп. Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо автомҩа арлашаратә усурақәа мҩаԥысуеит, урҭ ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп.

Астанцеиҵа «Аҟәа» аҿы ареконструкциатә усурақәа рымҩаԥгара ашьҭахь амчхара 80 МВт. рҟынӡа ишьҭыххоит. 

Аҟәа ақалақь, Џьонуа, Гәлиа, Воронов, Коӷониа, Абазаа рымҩақәа рҿы аиқәыршәазааратә усурақәа мҩаԥысуеит.  

Гәылрыԥшь араион аҿы автомҩақәа реиҭашьақәыргылара иазкны ԥшь-усмҩаԥгатәк азԥхьагәаҭоуп, урҭ рахьынтә хԥа хыркәшоуп.  

Ҭҟәарчал араион аҿы Ҭҟәарчали Аҟармареи еимаздо амҩа (16 км) шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит, урҭ  2024 шықәсазы ихыркәшахоит.  Ҭҟәарчал ақалақь, Ахақәиҭра Апроспект  аҿы аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.

Аҟәеи Очамчыреи еимаздо амҩа арлашара нагӡоуп, уи иадҳәаланы ҩ-етапкны имҩаԥгаз аусурақәа ирықәхарџьхеит 175 млн. мааҭ.  

2023 шықәсазы Гәылрыԥшь араион аҿы Икьакьоу Абзазаратә Црыҵқәа Рполигон аҿы аиқәыршәзаара иадҳәалоу аусурақәа хыркәшахоит.   

Зеицҵалыҵ 270 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо Ареспубликатә биуџьет ахатә хархәагақәа  рыла 74 усмҩаԥгатә анагӡара азԥхьагәаҭан, урҭ рахьынтә 48 хыркәшоуп, егьырҭ ашықәс нҵәаанӡа инагӡахоит. Иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп асоциалтә зкызаара змоу аобиектқәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә фонд ахарџь ала рфинанстәра мҩаԥгоуп 23 рҟынӡа аҳәынҭқарратә контракт.  Имҩаԥгаз афинанстәра азеиԥш еицҵалыҵ 13 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Инагӡоуп 19, егьырҭ анагӡара мҩаԥысуеит.  Зыӡбахә аагоу аусмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа рықәгареи аԥсабаратә рыцҳарақәа рыԥхьырҟәҟәаареи иазку аусурақәа рынагӡара, ацҳақәа рыргылара, аҵаргәатә ҭыӡқәа рырӷәӷәара.   

Аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонд ахархәагақәа рыла иҩаԥган 39 усмҩаԥгатә. Урҭ ирықәхарџьхеит 142 млн. мааҭ, инагӡоуп  - 31.   

Иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аспорттә плошьадкақәа, ашколқәа, уҳәа егьырҭ аусбарҭақәа.

 

 

 

 


Read 282 times - Ахаша, 25 Жьҭаара 2023 18:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.