АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жьҭаара.2023

Гагра ақалақь аҿы ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы 100-ҩык ахәыҷқәа рҭыԥ змоу ахәыҷбаҳча ҿыц аатуеит. Абх. Абх.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь, Абазгаа рымҩа аҿы ахәыҷбаҳча ажәытә хыбра шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит. Ари ахҭыс ақалақь аҿы иазыԥшыижьҭеи акрааҵуеит. Ахәыҷбаҳча ахыбра ҿыц аҿы ирыдыркылар алшоит шә-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагра–ТВ.

Ари ахыбраҿы иахьазы аусурақәа рӷьырак ҟаҵоуп, уажәы иаанхаз аҩычаратә усурақәа роуп. Иарбоу аиҭашьақәыргалыратә усурақәа рынагӡаразы иазоужьын 42 млн. 760 нызықь мааҭ.  Ашықәс  нҵәаанӡа иазԥхьагәаҭаз аусурақәа зегьы хыркәшахоит.

Аамҭак ала Адыгаа рымҩала игылоу ахәыҷбаҳча ахыбраҿгьы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргаларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Ари ахыбра ахыб ақәырҵахьеит, уажәы аҵакыра арыцқьара мҩаԥысуеит,  апластик иалху аԥенџьыр ҿыцқәа аҿарҵоит.   

Аиҭашьақәыргыларатә  усурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь ари ахәыҷбаҳчаҿы аӡыҟбарҭа аартра азԥхьагәаҭоуп.


Read 256 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.