АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Жьҭаара.2023

Очамчыратәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы STEM ашьаҭала иаԥҵоу аҵарадырратә Центр аадыртит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыратәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы STEM ашьаҭала иаԥҵоу аҵарадырратә Центр аадыртит.  Араҟа имҩаԥслоит STEM ашьаҭала зыдгалара мҩаԥгахо аҵарадырратә программа ала аҵара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис.

STEM – ари аҵара апроцесс аинтеграциатә знеишьа азԥхьагәазҭо, анаукатә, атехникатә, иара убас анџьныртә хырхарҭақәа еидызкыло иаку аҵаратә процесс ауп.  STEM-лабораториақәа ашколқәа рҿы раартра хықәкы хадас иамоуп ашколхәыҷқәа ироуз атеориатә дыррақәа рхархәаразы аԥышәатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара алыршара.  

Аҵарадырратә центр аиҭашьақәыргылареи иахәҭоу аиқәыршәагақәа рыла реиқәыршәареи Европатәи атәылақәа Реидгыла афинанстә цхыраарала Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис ала  имҩаԥган.

 

Уи аԥхьа аиԥш-зеиԥшу аҵарадырратә центрқәа аартын аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы, иара убас галтәи абжьаратәи ашкол  №1 аҿы.    

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис Аԥсны иаххьаҵанакуа даҽа 10 школк  рзы афизика, ахимиа, абиологиа, уҳәа амаҭәарқәа рзы алаборатортә еиқәыршәагақәа рзоужьра алнаршеит. Аиқәыршәагақәа ркомплект аҿы иҟоуп ахимиеи афизикеи рзы алаборатортә ҭҵаарақәа рзы ихымԥадатәиу аинвентарь, ареактивқәа, амикроскопқәа, уҳәа убас иҵегьы.  

Ашколқәа рҿы аматематикатә цикл арҵаҩцәа – апроект алахәылацәа 2021 – 2022 шш. ирылагӡаны СТЕМ-азнеишьала амаҭәарқәа рызнагара азы аҵаратә семинарқәа ирхысит.  

Иарбоу апроект ахықәкы хаданы иҟоуп ашколқәа рҿы иԥсабаратәу аматематикатә цикл иаҵанакуа амаҭәарқәа (алгебра, агеометриа, афизика, ахимиа, абиологиа) рызнагара иамоу аеффектива аҩаӡара аизырҳара аганахьала арҵаҩцәа ацхыраара рыҭара.   

 

 


Read 286 times - Ахаша, 25 Жьҭаара 2023 13:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.