АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Жьҭаара.2023

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи ркомандақәа Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы атурнир афинал аҿы еиԥылоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи ркомандақәа Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы аспорт абзиабаратә турнир афинал аҿы еиԥылоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Актәи афиналбжа аҿы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ркоманда акыр аибарххара зцыз аиндаҭлара аҿы асчиот – 1:2 ҳәа аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы акоманда иаиааит.

Афинал аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра акомандеи атурнир ачемпионс иҟоу – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара акомандеи еиԥылоит. Уи аматчшьҭахьтәи апенальти асериа аҿы аҳҭнықалақь Ахадара акоманда аиааирала афинал аҟынӡа инаӡеит. Ихадоу аамҭа асчиот 4:4 ала ихыркәшахеит.

Афиналтә матч мҩаԥгахоит жьҭаарамза 24 рзы. Уи алагоит асааҭ  20:00 рзы. Иара убри аҽны, асааҭ 19:00 рзы, ахԥатәи аҭыԥ азы аматч аҿы аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы акомандеи Аҟәа ақалақь Ахадара акомандеи еиԥылоит.  

 

 


Read 251 times - Аҩаша, 24 Жьҭаара 2023 20:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.