АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жьҭаара.2023

Ашәҟәҭирҭақәа рҿы еиҳа изыдҵаало Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ртәы зҳәо ашәҟәқәа роуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ацифратә епоха шышьақәгылахьоугьы ашәҟәқәа ауаҩы иԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа ароль нарыгӡоит. Аԥсны абиблиотекақәеи ашәҟәҭирҭақәеи есымша иҿыцу акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа – аҭыԥантәи еиԥш аҳәаанырцәтәигьы рыла ихарҭаахоит.

Ашәҟәҭирҭа «Амцабз» аиҳабы Манана Кәыҵниа лажәақәа рыла, ашәҟәқәа аиҳарак Урыстәылантәи иааргоит. «Акыр адҵаалара бзиа рымоуп араҟа Аԥсны иҭрыжьуа ашәҟәқәа. Урҭ рӷьырак Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызкуп, егьырҭ алегендақәеи алакәқәеи зну роуп. Аԥхынтәи аамҭахәҭазы аиҳарак атәылаҿацәҭҵааратә литература, ахсаалақәа, ахсаалеизгақәа (атласқәа), амҩақәҵагашәҟәқәа иазҵаауеит. Иара убас аурыс-аԥсуа бызшәала аиҿцәажәага иазҵаауеит, аха ҳара уи аҩыза ҳамаӡам», – ҳәа илҳәеит лара. 

Адәқьан аҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа» ыҟоума ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент изҵаара аҭак ҟаҵо адәқьан аиҳабы уи акрааҵуеит ирмоуижьҭеи ҳәа иазгәалҭеит.   

Адәқьанқәа «Амцабз», «Абырлаш» ҿыц иироуз ашәҟәқәа иреиуоуп – Алеқсандр Орлов-Кретчмер ишәҟәы «Вожди и жертвы ВКП(б)»,   Анӡор Агәмаа ишәҟәы «Сухумъ» аҩбатәи аҭыжьымҭа, Саида Жьиба авторс дызмоу ижәытәӡоу аԥсуа ҩынқәа рфотоальбом  «Ицәажәо аҭыӡқәа» («Говорящие стены»), ҩ-томкны иҟоу «Иркьаҿу аенциклопедиа» («Краткая энциклопедия), уҳәа убас егьырҭгьы.  

Ашәҟәҭирҭақәа ироуоит иара убас Аԥсны Актәи Ахада В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Агәыҳалалратә фонд, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет иҭрыжьуа аҭыжьымҭақәа.  

 

 


Read 206 times - Аҩаша, 24 Жьҭаара 2023 18:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.