АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жьҭаара.2023

Чечентәылатәи акоманда зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы XI Жәларбжьаратәи атурнир аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы XI Жәларбжьаратәи атурнир. Атурнир рхы аладырхәит Барнаул, Кемерово, Чечентәыла, Аԥсны аҟынтәи ԥшь-командак.  

Ахԥатәи аҭыԥ аанкыларзы аматч аҿы еиԥылеит Кемерови Барнаули ркомандақәа. Асчиот 1:0 ҳәа аиааира агеит Барнаул акоманда.

Афинал аҿы еиԥылеит Аԥсни Чечентәылеи ркомандақәа. Аматч асчиот 4:3 ҳәа Чечентәыла акоманда аиааирала ихыркәшахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир қәҿиарала ахыркәшара уи алахәылацәа ирыдырныҳәалеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аԥсны Амилаҭтә Олимпиатә комитет апрезидент Валери Аршба, Аԥсны Апаралимпиатә комитет апрезидент Леон Ҵәыџьба, атурнир аӡбаҩ хада Виачеслав Александров, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура ахаҭарнак Алхас Жьиба, Аԥсны аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба, Краснодартәи атәылаҿацәи Шәача ақалақьи рыҩныҵҟатәи аусқәеи аҩныҵҟатәи архәҭақәеи русзуҩцәа, арратә хҭысқәа рветеранцәа Рассоциациа ахаҭарнак  Алеқсандр Воротниук.

«Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит имҩаԥыжәгаз ари ахәмарра азы. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит атурнир аиҿкаара зхахьы изгаз, апаралимпиатә еиҿкаара адгылара азҭо зегьы. Зегьы ақәҿиарақәеи анаҩстәи аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьоит», – ҳәа иҳәеит Леон Ҵәыџьба.

Традициала иалкаахеит атурнир иреиӷьу ахәмарыҩцәа. Абар урҭ рыхьыӡқәа: Сергеи Мошкин, (Барнаул акоманда), Сергеи Ананиев (Кемерово акоманда), Алхас Амԥар (Кузбасс акоманда), Магомед Абуеви Асланбек Шахбулатови (Грозныи ақалақь), Мез Арџьениа (Аԥсны), Вадим Вахрамеев (Кемерово акоманда), Дмитри Удалов (Барнаул акоманда).

Атурнир аиҿкаара рхахьы иргеит –  Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Урыстәыла аинвалидцәа Реидгылеи.

 


Read 229 times - Аҩаша, 24 Жьҭаара 2023 18:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.