АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жьҭаара.2023

Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азҵаарақәа ирылацәажәеит Лаша Ашәбеи Кристина Озгани.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азҵаарақәа ирызкын ашәахьа, жьҭаарамза 23 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани реиԥылара.

Аиԥылара рхы аладырхәит адепутатцәа Беслан Ҳалуашь, Дауҭ Хәытаба, Инар Саӡба, Бадрик Ԥлиа, Нарсоу Салаҟаиа.

Лаша Ашәба Кристина Озган, азакәанԥҵарақәа реишьашәалара ала ишьаҭаркны Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи аҵакыра аԥҵара Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аинформациа акоординациа амҩаԥгара аганахьала иаалырԥшыз активра уахь иналаҵаны, иааизакны иналыгӡаз аусуразы иҭабуп ҳәа леиҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент аофициалтә саит.

«Ҳара азакәанԥҵарақәа реишьашәалара азы аусмҩаԥгатәқәа рӷьырак наҳагӡахьеит. Урыстәылатәи аган уи аилатәараҿы ишьақәнарӷәӷәеит, убри аҟнытә сара адепутатцәа иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ари аҩыза алҵшәақәа рзы. Иаартны исҳәарц сҭахуп, адепутатцәа ркорпус адгыларада ас еиԥш алҵшәақәа раарԥшра ҳалымшаргьы ҟаларын», – ҳәа адепутатцәа рахь лхы рханы илҳәеит Кристина Озган.

Аекономика аминистр иҟалҵаз адыррақәа рыла, жьҭаарамза 17 рзы Москва ақалақь аҿы ҩ-тәылак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ала ишьаҭаркны Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи аҵакыра аԥҵара Апрограмма анагӡаразы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит. Аминистр лажәақәа рыла, аилатәараҿы ишьҭыхыз атемақәа рыла атәанчаратә еиқәыршәара, агәабзиарахьчара аусхкы аҿы ихадоу азҵаарақәа, аҳазылхратәи ашәахттәи азакәанԥҵарақәа реишьашәалара, уҳәа убас егьырҭ азҵаарақәа ыҟан.

Аиԥылара аҿы Апарламент Аиҳабы анапаҵыҩразы еиқәыршәахо аиқәшаҳаҭрақәа зегьы аиқәыршәара аетап аҿы адепутатцәа ишахәҭоу ала иахәаԥшырц азы адгалара мҩаԥгазароуп ҳәа иазгәеиҭеит. Аекономика аминистр ари адепутатцәа раԥшьгара дадгылеит.


Read 234 times - Аҩаша, 24 Жьҭаара 2023 18:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.