АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жьҭаара.2023

Атуристтә дәыӷба «Сочи» ала 2023 шықәсазы 40 нызықьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа рыиагара еиҿкаан. году болеетысяч пассажиров.

Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  23 рзы амаршрут Ҭҟәаԥс – Шәача – Гагра ала ибжьоу адәыӷба  № 927/928 «Сочи» атуристтә сезон хнаркәшоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Аихамҩақәа рофициалтә саит.

Ҳазҭоу ашықәс азы ари адәыӷба ала рыиагара еиҿкаахеит 40 нызықьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа. Ари асезон аҿы иҿыцу лагамҭаны иҟалеит агьамабаратә тур «Аԥсны агьама».  Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аныҟәаҩцәа амлагәырааӡарҭатә нхамҩа аҭаара, ашәқәеи акәацырҩеи рыҟаҵара азы амастер-классқәа рылахәхара азы алшара роуит.

Атуристцәа рыманшәалара азы иара убас амшеихша рыԥсахит: урҭ ҩ-сааҭк рыла заа  авокзал ахь анеира иалагеит, шьҭахьҟа ицон уаанӡа иазԥхьагәаҭаз аамҭа аҵкьыс сааҭбжак рыла иацҵаны.

Асезон анҵәамҭазы адәыӷба иацҵахеит даҽа анапшырҭатә вагон, уаантәи Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәеи иблахкыгоу апеизажқәеи рбара ҟалоит.

Атуристтә дәыӷба «Сочи» ашықәсҿыцтәи аныҳәатә ԥсшьарамшқәа раан: ԥхынҷкәынмза 31 рзы, иара убас ажьырныҳәамза  2 – 7 рзы амаршрут ҩаԥхьа аусура хацнаркуеит. Арҭ арыцхәқәа рзы абилетқәа рыҭира иалагахьеит, ҳәа адырра ҟанаҵеит Нхыҵ Кавказтәи Аихамҩа акорпоротивтә коммуниациақәа рмаҵзура.


Read 218 times - Аҩаша, 24 Жьҭаара 2023 18:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.