АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жьҭаара.2023

Аԥсны ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ашәҟәы «Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа» аӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы аҩаша, жьҭаарамза 17 рзы Аза Аргәын  еихьӡылоу асериа аҟынтәи ахԥатәи лышәҟәы «Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа» аӡыргара мҩаԥысит. 

Аҭыжьымҭа зеиӷьаҟам ала аиллиустрациа зызу, XX ашәышықәса аҩбатәи азыбжеи XXI ашәшықәса алагамҭеи рзы ареспубликаҿы инхоз асахьаҭыхыҩцәа рнысымҩеи рырҿиарамҩеи атәы зну альбомны еиқәыршәоуп. Ари ашәҟәы аԥхьаҩ Аԥсны амилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара аҿиара атәы еилнаркаауеит.

Ари альбом  Ахра Аџьынџьал, Валери Арканиа, Геннади Барцыц, Рауф Барцыц, Диана Воуба, Лаша Габелиа, Игорь Панченко, Николаи Писарчук, Сергеи Сангалов, Алеқсандр Семенцов, Сасун Торосиан, Диана Хьынҭәба, Рудорльф Хочаа, Мактина Ҵәыџьба, Ҟәараса Черқьезиа иреиӷьу русумҭақәа алалеит.

Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа, аӡыргара аартуа, ари ашәҟәы аҟазарадырра аҿы иҟоу абжьаха ханарҭәаауеит, еизгоу аматериал ацхыраарала Аԥсны ҳаамҭазтәи аҟазара апроблемақәа анализ азура алыршахоит.

«Даара ҳақәгыӷуеит Аза даҽа ҭыжьымҭак аԥҵара лыллыршап ҳәа», - илҳәеит Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор. 

Амилаҭтә сахьатә галереиа анапхгаҩы Сурам Сақаниа, асериа «Аԥсны асахьаҭыхы.цәа» ах-шәҟәык томкны аҭыжьра ахәҭоуп ҳәа игәаанагара иҳәеит.

Автор лажәақәа рыла, ахԥатәи аҭыжьымҭа ацәырҵра  машәыршақә иҟамлаӡеит.

«Аӡәырҩы аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа раԥхьатәи аҩ-шәҟәык ианымлаӡеит. Иара убас, 1980-тәи ашықәсақәа рынҵәамҭеи 1990-тәи ашықәсақәа ралагалмҭеи рзы Аԥснынтәи еиуеиԥшым амзызқәа рыла ицеит Диана Воуба, Рауф Барцыц, Сергеи Сангалови Ахра Аџьынџьали. Урҭ рҟызара акыр еицырдыруеит ааигәатәии  инаскьоуи аҳәаанырцә аҟны. Сара исуалԥшьаны исыԥхьаӡеит урҭ ирызку аочеркқәа рыҩра», - ҳәа иазгәалҭеит Аза Аргәын.

Автор аминистр Даур Ақаҩба аԥхьа днаргыланы, акультура Аминистрреи Иарку Акционертә Еилазаареи «Аҟәафон-GSM» ашәҟәы аҭыжьраан иҟарҵаз афинанстә цхырааразы, иара убас апроект анагӡара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.    

Зтираж 400 екземплиар рҟынӡа инаӡо ашәҟәы зеилкаара мариоу абызшәа ала иҩуп, уи инарҭбаау аԥхьаҩцәа рхыԥьаӡара иазкуп. 


Read 218 times - Аҩаша, 17 Жьҭаара 2023 19:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.