Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы аҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ашьаҭала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара азы апрограмма анагӡара азы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысуеит.
Аԥсны аганахьала аусуратә гәыԥ ацхантәаҩыс дыҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Урыстәыла аганахьала – Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
Аилатәара рхы аладырхәуеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аҵара аминистр Инал Габлиа, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Михаил Габелиа, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, Амилаҭтә Банк, уҳәа ахаҭарнакцәа.