АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жьҭаара.2023

Аинвалидцәа Рфонд аҿы атаитә бокс азы адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Нестор Гадлиа иԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинвалидцәа Рфонд аҿы Ауаажәларратә еиҿкаара «1992- 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рхәыҷқәа» алахәылацәеи  атаитә бокс азы адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Нестор Гадлиеи реиԥылара мҩаԥысит.

Нестор Гадлиа цәыббрмза  28 инаркны жьҭаарамза  8 аҟынӡа Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз  атаитә бокс азы адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба, Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба,  Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Асҭамыр Герхьелиа, аибашьра аветеранцәа.

«Ҳара иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит Аԥсны аҿар рпатриоттә ааӡара аҿы улагала азы. Ҳара иахьа агәадура ҳазҭо ҳамоуп – ҳџьынџьуаҩ адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит», – ҳәа илҳәеит Ауаажәларратә еиҿкаара «1992- 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рхәыҷқәа» ахантәаҩы Адица Цәышба.

Аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба Нестор Гадлиа дидныҳәалеит, анаҩс аџьшьаратә шәҟәы ианеишьеит.

Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа Нестор Гадлиа ԥхьаҟатәи аиндаҭларақәа рҿы ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

«Ҳара иаҳҭахуп ҳхәыҷқәа зегьы уара уҿырԥшы иқәныҟәаларц.  Ҳара ҳазгәдууп, 10-шықәса мацара шухыҵуагьы, уара адунеи ачемпионны аҟалара ахьулуршаз.  Анаҩстәи уԥсҭазаараҿы ақәҿиара дуқәеи аманшәалареи узеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Тарашь Ҳагба аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахьӡала аинвалидцәа Рфонд аҿы ачемпион иԥылара аиҿкаара ахьалыршахаз азы иҭабуп иҳәеит.  

«Ҳара ааигәа Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азгәаҳҭон. Уи даара акыр зҵазкуа хҭысуп ҳара зегьы ҳзы. Иреиӷьу аҵеицәа ҳтәыла ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. Аветеранцәа ирылшоз зегьы ҟарҵеит иахьатәи аҿар ԥхьаҟа ицаларц. Уи акыр иаԥсоуп. Нестор Гадлиа Ҭырқәтәыла Урыстәыла еизгоу акоманда азы дықәгылон, уи акыр зҵазкуа хҭысуп. Рыцҳарас иҟалаз, ҳара макьаназы аспорт хкқәа рӷьырак ала ҳтәыла ахьӡала ақәгыларазы алшара ҳамаӡам, аха уи аганахьала аусура ҳаҿуп. Нестор Узбекистан аҟынтәи аспортсмент диндаҭланы адунеи аԥхьахәгара аҿы  аиааира игеит»,– ҳәа иҳәеит иара.

Ҭарашь Ҳагба иазгәеиҭеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа есымша рыцхырааразы алшара шамам.

«Ҳара иахьазы 42 спорт хкқәа рыла  14 нызықьҩык аспортсменцәа ҳамоуп», – ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

Нестор Гадлиа зегьы адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи адгылареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Адгылара сызҭаз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Аветеранцәа ракәымзар, ҳара иахьа анхареи аҵареи аспорт аҽазыҟаҵареи рзы алшара ҳауамызм. Сара сызчемпионхаӡомызт. Шәара ҳтәыла ахьыԥшымреи ахақәиҭреи рзы шәмеибашьыр, ҳара ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш лаша зыҟаломызт», - ҳәа иҳәеит аспортсмен қәыԥш.

 

 

 


Read 215 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.