АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жьҭаара.2023

Григори Карасин: «Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарқәа азҵаара хадақәа иреиуоуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 15 рзы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарқәа алагеижьҭеит 15 шықәса ҵуеит.  

«Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарқәа азҵаара хадақәа иреиуоуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара. Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс. Иахьазы ароуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла рхаҭарнакцәа еидтәаланы реицәажәара ахьалшо. Бжьаҟазацәаны иалахәуп Урыстәыла, Еидгыло Америкатәи Аштатқәа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН), Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС),  Европатәи атәылақәа Реиидгыла ашәарҭадаразы Аиҿкаара (ОБСЕ)  рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа.

 2009 шықәса инаркны Ареспублика аҿы иара убас аус руеит Аинцидентқәа анырра аҭареи аԥхьырҟәҟәаареи рзы Амеханизмқәа (МПРИ). Иарбоу аструктура арегион аҿы ӷәӷәала аибарххарақәа рацәыхьчара иазкны аеффективла аус зуо, иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҭышәынтәалара азы жәларбжьаратәи аусеицура азы хра злоу ҿырԥшыганы иҟоу   еиҿкаароуп», - ҳәа и-Telegram-канал аҿы иҩит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аилак ахантәаҩы Григори Карасин.

«Акыр аҵанакуеит, амеханизм амԥыларақәа иахьа иуадаҩу аҭагылазаашьаақәа раангьы аусура ахьацҵахо. Уи жәларбжьаратәи аусқәа рыӡбараҿы акыр хра злоу цәырҵраны иҟоуп. Убасала еиуеиԥшым асанкциақәеи наҟ-ааҟтәи аицәымӷреи аизыҟазаашьақәа реибарххареи  рмыцхәрас хра злоу альтернатива ацәырҵра шзалыршахо умбар залшом!» –  ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Григори Карасин.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарқәа  арегион аҿы аҭагылазаашьа аԥбарара алыршара, иара убас Аԥсны Аахыҵ Уԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара ишиашоу адиалог рыбжьаҵара азы хадара злоу жәларбжьратәи афорумны иҟоуп.  Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа хацыркын жьҭаарамза 15, 2008 шықәсазы, нанҳәамза  12, цәыббрамза  8, 2008 шықәсазы Д.А.Медведеви - Н.Саркози ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыла ишьаҭаркны. Иахьазы ароуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла рхаҭарнакцәа еидтәаланы реицәажәара ахьалшо. Бжьаҟазацәаны иалахәуп Урыстәыла, Еидгыло Америкатәи Аштатқәа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН), Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС),  Европатәи атәылақәа Реиидгыла ашәарҭадаразы Аиҿкаара (ОБСЕ)  рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа. Араҟа ицәыргахо азҵаара хадақәа иреиуоуп амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Москва, Цхинвал, Аҟәа Қарҭ ааԥхьара арҭоит уи анапаҵаҩраз, аха иара мап акуеит. Аилацәажәарақәа ҩ-усуратә гәыԥ – ашәарҭадареи агуманитартә проблематикеи рыӡбара аформат ала имҩаԥысуеит.

Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп ихьыԥшым Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи  ршәарҭадара ашьақәыргылара,  иара убас ганкахьала Қырҭтәылеи Аԥсни, даҽа ганкахьала Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аганқәа зегьы азинтә ҭакԥхықәра рыдызҵо аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алыршара.


Read 240 times - Ашәахьа, 16 Жьҭаара 2023 13:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.