АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жьҭаара.2023

Алада Урыстәылатәи арратә Округ арратә база аԥшыхәратә ҟәшеиҵа аруаа ихыҭҳәаау изакәаным бџьарла еибыҭоу аиҿкаара агәыԥ аԥырырхит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Алада Урыстәылатәи арратә Округ арратә база аԥшыхәратә ҟәшеиҵа хаҭалатәи аилазаара ашьхараҟны, аҽазыҟаҵарҭа Ҵабал аҿы ихыҭҳәаау изакәаным бџьарла еибыҭоу аиҿкаара агәыԥ аԥырырхит, ҳәа иаанацҳауеит Алада Урыстәылатәи арратә Округ апресс-маҵзура.

Аԥшыхәцәа ашьхара иаԥну абнара аҵакыраҿы иарбаз араион аҿы аԥшаара-ԥшыхәратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡеит. «Аӷа» итәарҭа ахьыҟоу аҭыԥ анеилкааха ашьҭахь, аруаа иарбоу аобиектқәа ркоординатқәа аимадара ахархәагақәа рыла  егьырҭ рҩызцәа ирзынарышьҭит.

Изакәаным бџьарла еибыҭоу аиҿкаара агәыԥ атәарҭа аҭыԥ аилкааразы аруаа еиуеиԥшым, ҳаамҭа иақәшәо аимадара, аԥшыхәра анапхгараҭара, уҳәа иазку атехникатә хархәагақәа рхы иадырхәит, аԥшыхәреи аимадареи анапхгараҭареи рхархәагақәа акомплекс «Стрелец» уахь иналаҵаны.

Аибашьратә ҭагылазаашьа аиԥшра аԥҵаразы ахархәара рыҭан аимитациатә рҭҟәацгақәа, ашьаҟартә бџьар азы ахы зҭам апатронақәа. 


Read 279 times - Ашәахьа, 16 Жьҭаара 2023 14:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.