«Ҳара ҳаҳәса аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи структурақәа рҿы анапхгаратә маҵзурақәа ааныркылоит, ауаажәларрагьы урҭ еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы, иара убас абизнесгьы аҿы рыҟазаара еиҳа-еиҳа хра аланы ирыԥхьаӡоит. Ареспубликаҿы иҟоуп имаҷымкәа қәҿиарала аус зуа абизнес-ҳәсақәа. Урҭ иара убас активла атәыла ауаажәларратә ԥсҭазаара рхы аладырхәуеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент.
Ҭамила Мерцхәлаа, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата адгыларала иаԥҵахеит аҳәса-аусдкылаҩцәа Рассоциациа ҳәа адырра ҟалҵеит. Апалата иара убас аҳәса русдкылара адгылара аҭара иазкны еиуеиԥшым апрограммақәа нанагӡоит, еиуеиԥшым атренингқәеи аконсультациақәеи мҩаԥнагоит.
Абизнес-плошьадка «Ахԥатәи азқьышықәса Аԥҳәыс» – ари аҳәса-аусдкылаҩцәа имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара аусхкы аҿы рӡыргареи русура адгылара аҭареи иазку аплатформа ауп. Уи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи еиуеиԥшым адинхаҵара змоу аҳәса еиднакылоит, Урыстәылатәи аҳәса реиҿкаарақәа рырӷәӷәара иацхраауеит, Урыстәыла, Европа, Азиа аҳәсақәа рыбжьара аусеицура абжьаҵара алнаршоит.