АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жьҭаара.2023

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Иаарласны анырра ҟазҵо агәыԥ ҷыда (СОБР) аусзуҩцәа гәыԥҩык изаамҭанытәиу арратә хьӡы ҷыдақәа ранашьахеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Идҵа инақәыршәаны, Иаарласны анырра ҟазҵо агәыԥ ҷыда (СОБР) хаҭалатәи аилазаара абжьаратәи аиҵбыратәи арра-напхгаратә хьӡқәа ранашьахеит.

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра Иаарласны анырра ҟазҵо агәыԥ ҷыда (СОБР) аусзуҩцәа атәыла аҩныҵҟа азинеиҿкаареи ауаажәларратә шәарҭадареи еиқәдыршәоит, ацәгьоуцәа раанкылареи еиҿкаау ацәгьоуцәа рҿагылара иазырхоу аоператив-ԥшааратә умҩаԥгатәқәа рынагӡареи раан  азинхьчаратә усбарҭақәа ирыцхраауеит, амчратә дгылара рырҭоит.

Роберт Киут Иаарласны анырра ҟазҵо агәыԥ ҷыда (СОБР) хаҭалатәи аилазаара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

«Ас еиԥш аҭагылазаашьаҿы шәареи ҳареи ҳаибамбаӡацызт. Аныҳәатә мшқәа рзы шәареи ҳареи ҳусура рацәан. Ишәыдысныҳәалоит аныҳәа лаша. Ихадароу шәдыррақәа аибашьраҿ ахрархәара алмыршахароуп. Шәусураҿы аманшәалара шәыцыз, ақәҿиарақәа шәоуааит!», - ҳәа иҳәеит аинрал-маиор Роберт Киут.

Изаамҭанытәиу арратә хьӡқәа ранашьара  анаҩс Иаарласны анырра ҟазҵо агәыԥ ҷыда (СОБР) гәыԥҩык аузуҩцәа аԥаратә џьшьара рыҭан.  

 


Read 282 times - Асабша, 14 Жьҭаара 2023 18:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.