Аспортсменцәа азыҟалҵоит Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Аԥсны Ареспубликатә аԥкьаҭмпыл азы ашкол адиректор, аԥкьаҭмпыл азы аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа.
13.Жьҭаара.2023
Аԥснытәи аспортсменцәа аԥкьаҭмпыл азы Урыстәылатәи атурнир аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лионель Қриа атурнир аҿы аиааира игеит, Омар Коӷониа - 9-10 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара аџьазтә медал аиура иҽаԥсаитәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Атурнир 1992-1993 Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкхеит.