АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жьҭаара.2023

Акриптовалиута арҳара иазку 11 аппарат аарԥшхеит Аҟәа араион Гәмсҭа ақыҭан.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәеи Араионтә Афымцатә Станциа аусзуҩцәеи рыцны имҩаԥыргаз аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны Гәымсҭа ақыҭан ирыԥшааит Аамаининг-ферма», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.   

Иарбоу аиқәыршәагақәа рыԥшәма Кәачантираӡе Давид Акаки-иԥа иганахьала административтә зинеилагаразы апкаанҵа шьақәыргылоуп.  

Акриптовалиута арҳара иазку 11 аппарат афымцацәаҳәа аҟынтәи иаҿыхны аамҭалатәи ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.


Read 386 times - Асабша, 14 Жьҭаара 2023 11:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.