Заанаҵтәи аусеилыргарала ишышьақәыргылоу ала, ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәсазы, асааҭ 18:05 инарзынаԥшуа, Аҟәа ақалақь аҿы Амер Халил ижәны дшыҟаз, игәылаԥҳәыс – Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩԥҳәыс Лиутова О.В. иареи ирыбжьалаз аимак-аиҿак ашьҭахь аҳәызбеи амаркатыли рыла 87 инарзынаԥшуа дызгаша ахәрақәа лниҵеит.
12.Жьҭаара.2023
А. Халил ауаҩшьразы идҵоу ахара азы ашьаусеилыргара Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь Шьамтәыла атәылауаҩ Амер Халил иганахьала амедицинатә ҟазшьа змоу адцаларатә унагӡатәқәа рымҩаԥгара азы ашьаусеилыргара дәықәнаҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит апрокуратура Хада аофициалтә саит.
Амер Халил Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2, апункт «д» (гәҭакыла иҷыдоу агәымбылџьбарарала инагӡаз ауаҩшьра) азы ахара идҵоуп.
Акомплектә ӡбаратә психолога-психиатриатә експертиза алкаа инақәыршәаны, Амер Халил уаанӡа еиԥш уажәгьы илаҽу апсихиатриатә чымазара ихьуеит, убри аҟнытә иара иҟаиҵои ииуеи дақәымшәо дыҟоуп. Убри инамаданы иара иаикәыршаны иҟоу ауаа рзы акыр дшәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.