АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2023

Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XXXIX Аконференциа алахәылацәа ақьоуқьад ԥсыӡхкы аԥшқарах Волга аӡиас ахь иоурыжьҭит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа (ЮРПА) XXXIX Аконференциа алахәылацәа ақьоуқьад ԥсыӡхкы аԥшқарах Волга аӡиас ахь иоурыжьҭит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи аконференциа ахь иааз апарламенттә делегациақәа рнапхгаҩцәа  дрыцны убасҵҟьа ари аекологиатә акциа ихы алаирхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Аԥсыӡ ахкқәа рпопулиациа аизырҳареи аиҭарҿиареи аингалара алыршареи рзы Астрахантәи аобласт аҿы чыдала уи иазкны аус зуа анаплакқәа рҿы иааӡаз зыхә дуу ақьоуқьад ԥсыӡхкы аԥшқарах ԥсабарала рнызаарҭаны иҟоу Волга аӡиас аӡымҽхак ахь иахьаҵанакуа иаужьҭын.

Акциа анхыркәшаха ашьҭахь, Лаша Ашәба ателеканал «Россия» аинтервиу аҭо, ари даара ибзиоу, иҳалалу, хра злоу акциа оуп, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчара иахәо усны иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа (ЮРПА) XXXIX Аконференциа ихадоу аусмҩаԥгатәқәа жьҭаарамза 12 рзы иалагеит.


Read 221 times - Ахәаша, 13 Жьҭаара 2023 13:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.