АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2023

Башкортосҭантәи асасцәа Аԥсныҟа иааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа иааит Башириантәи атуристцәа ргәыԥ. Ареспублика Башкортосҭанынтәи иааз  абыргцәа рзы апроект «Башкириатәи ашықәснҵыра ду» Атуризм» агеографиа арҭбаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа аԥышәаратә тур еиҿкаахеит.

Аилыркааратә тур  46-ҩык рыла еилоу агәыԥ рзы амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.  

Аԥсны рыҟазаара хәымш ирылагӡаны Башкириантәи «араӡнытә» туристцәа  иаҭаараны иҟоуп аӡиа Риҵа, Сталин идача, Афон Ҿыц аҭыԥԥшӡарақәа рбоит, иара убас, жәаҳәарада Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы рыԥсы ршьараны иҟоуп.

«Иазгәаҭатәуп, иахьа акыр зҵазкуа мшны ишыҟоу, избан акәзар, апрограмма «Башкириатәи ашықәснҵыра ду. Атуризм» ацҵахоит. Ари апрограмма аҳәаақәа арҭбаауеит. Ҳара ареспублиа Башкотосҭан Ахада Ради Хабиров инапынҵала  аԥышәатә тур Аԥсныҟа идәықәаҳҵоит», – ҳәа иҳәеит жьҭаарамза 11 рзы Уфа ақалақь аҟны аҳаирбаӷәазаҿы атуристцәа ргәыԥ наскьазгоз Башкорҭосҭан атуризми аусдкылареи рминистр Рустем Афзалов. 

 

 

 


Read 221 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.