АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2023

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы Никита Симониан иира Амш инамаданы идныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа 97-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит аԥснытәи ашьапылампыл ааӡамҭа, илегендатәу аспортсмен, зыхьӡ нагоу азыҟаҵаҩ, аклуб «Спартак» аҭоурых аҿы иреиӷьу абомбардир, Асовет Еидгыла ачемпион, Урыстәылатәи ашьапылампылтә еидгыла апрезидент ихаҭыԥуаҩ Никита Симониан.

«Ҳара ҳидныҳәалоит ашьапылампыл зыԥсы ҭоу алегенда, изеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, иусураҿы аихьӡара дуқәеи ақәҿиарақәеи!» -  ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.


Read 202 times - Аԥшьаша, 12 Жьҭаара 2023 14:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.