АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2023

Жьҭаарамза 7 инаркны Урыстәылаҟа експорт ҳасабла идәықәҵахеит 8 101 кьыла амандарин.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа експортла ацитрустә шәырқәа раԥхьатәи апартиақәа рдәықәҵара иалагеит 2023 шықәса, цәыббрамза анҵәамҭазы.  Усҟан мацара ииаган 3 кьылак рҟынӡа инаӡо ахкқәа.  

Жьҭаарамза 7 инаркны еиҳа идуу апартиақәа рдәықәҵара иалагеит. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы адыррақәа рыла, иахьазы Урыстәылаҟа експорт ҳасабла идәықәҵоуп  8 101 кьыла амандарин.

«Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы зынӡа ииаган 6 кьылак рҟынӡа ахкқәа. Ацитрусттә шәырқәа зегьы Урыстәылаҟа експортла идәықәҵахоит», – ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы.

Аԥсны ацитрустә сезон жьҭаарамза инаркны хәажәкыранӡа  имҩаԥысуеит. Уи  ашыкьаҳәымҭа  ԥхынҷкәынмза иақәшәоит. 


Read 276 times - Аԥшьаша, 12 Жьҭаара 2023 14:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.