-Арра ирго рмедицинатә гәаҭара амҩаԥгара азы ааԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь аҳақьымцәа-аспециалистцәа ралагалара;
- араион аҿы иахәҭоу аҳақьымцәа-аспециалистцәа рыҟамзаараан аусуразы ааԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь егьырҭ араионқәа, ма Аҟәа ақалақь аҟынтәи аспециалистцәа радыԥхьалара мҩаԥгазароуп;
- араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи рыла арентгенологиатә, афлиуорографиатә, алабораториатә, уҳәа аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара алыршазароуп. Ареспубликатә медицинатә комиссиа амҩаԥгара аамҭахәҭа иалагӡаны еиҭаҵуа афлиуорограф ала аиқәыршәара хымԥадатәиуп;
- атәылахьчара Аминистрра алархәны ааԥхьаратә комиссиақәа акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҽацәыхьчара азы ихымԥадатәиу ахархәагақәа рыла еиқәыршәазароуп;
- Ареспубликатә Арратә комиссариат, ааԥхьара иаҵанакуа аконтингент амедицинатә гәаҭара ахгара азы аҳақьымцәа-аспециалистцәа алархәны ааԥхьара амҩаԥгараан акоронавирустә ҿкы чымазара аҿагылара иазку аилатәара мҩаԥгазароуп.
Аҵарадырра Аминистрра иаԥхықәроуп:
- арратә уалԥшьа анагӡара ахь ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы ааԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь иаланагалароуп Ахылаԥшра ахаҭарнакцәа, иара убас Аԥсны аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо, арратә уалԥшьа ааԥхьара иаҵанакуа атәылауаа ааԥхьаратә пункт ахь рнеиреи ааԥхьара аҟынтәи аҽҳәарахырԥара аиуразы азин арҵабыргра азы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа рымазаареи ахылаԥшра анаҭалароуп.
Амаассатә информациа аҳәынҭқарратә хархәагақәа Аԥсны атәылауаа мшаԥымза-рашәарамза, 2023 шықәсазы арратә уалԥшьа анагӡарахь ааԥхьара шымҩаԥысуа азы адырраҭарақәа рыҟаҵара азы адҵа рыҭоуп.
Абри Ақәҵара анагӡара азы ахылаԥшра иадҵоуп Аԥны атәылахьчара Аминистрра.
Ақәҵара анапаҵыҩра «Арратә маҵзуреи арратә ҭакԥхықәреи рзы», «Атәылахьчара азы» азакәанқәеи Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза 2022 шықәса рзы Аԥсны атәылауаа арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭара азы инапы зҵаиҩыз Аусԥҟеи инарықәыршәаны имҩаԥгоуп.